Print this page
11.Ажьырныҳәа.2024

Амандарина аҿыхра аамҭахәҭа алагара инаркны Урыстәылаҟа експорт ҳасабала 22 нызықь тонн инарзынаԥшуа ацитрустә шәыр дәықәырҵеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Асезон алагара инакны ԥхынҷкәынмза анҵәамҭанӡа експорт ҳасабала идәықәҵаз амандарина акапан 21 680 тонн рҟынӡа инаӡоит, уи иҳаҩсыз ашықәс, аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы аасҭа 5 нызықь тонн рыла еиҵоуп. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҳазалхратә статистикеи анализи рыҟәша аҟны.

Аекспорт амҽхак 20% рыла аиҵахара ҳазҭоу ашықәс азы ашәыр аура иҳаҩсыз ашықәс азы аасҭа еиҳа имаҷын ҳәа аанагаӡом.

Абжьааԥны аԥснытәи амандаринақәа рекспорт хәажәкырамза нҵәаанӡа имҩаԥысуеит. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы азгәаҭарақәа рыла, ацитрустә шәырқәа рекспорт даҽа  50 нызықь тонн рҟынӡа инаӡар алшоит.

 


Read 249 times - Асабша, 13 Ажьырныҳәа 2024 01:32