Print this page
11.Ажьырныҳәа.2024

Гал араионтә хәышәтәырҭа Хада аҳақьым хада: аӡӷаб хәыҷы лҭаацәа амедицинатә цхырааразы ахәышәтәырҭа иадымҵаалаӡеит.

Аҟәа. Ажьыныҳәамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гал араионтә хәышәтәырҭа Хада аҳақьым хада Асҭамыр Гамгиа «Гал-медиа» акорреспондент диҿцәажәо, фы-шықәса зхыҵуаз Лизи Кәачахьиа лыԥсра атәы далацәажәеит.

Уи иажәақәа рыла, ахәыҷы лыуацәа аӡәгьы амедицинатә цхырааразы Галтәи ахәышәтәырҭа иадымҵаалаӡеит. Ирласу амедицинатә цхыраара Амаҵзура ахь ҭелла адыррагьы ҟамлаӡеит.  Иҟоу адыррақәа рыла, лара ажьырныҳәамза 9 ашьыжь лҭаацәа дахьыргаз Жәаргьыҭ ақалақь аҿы лыԥсҭазаара далҵит.  

«Гал араионтә хәышәтәырҭа Хада адкылара ажурнал аҿы Лизи Кәачахиа данӡам, убри аҟнытә сара ахәыҷы Қырҭтәылаҟа даныргоз илымаз ачымазареи лыԥсра зыхҟьази рзы уаҳа адырра сымаӡам», - ҳәа иҳәеит иара.


Read 287 times - Ахаша, 24 Ажьырныҳәа 2024 00:12