Print this page
08.Ажьырныҳәа.2024

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра: атәылауаҩԥҳәыс Софииа Олеиник лыԥшаарақәа ирыцҵоуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 27 инаркны атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра  русбарҭақәа хабарда ибжьаӡыз Софииа Олеиник лыԥшааразы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит.

Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, ажьырныҳәамза 7 рзы  Софииа Олеиник дырбон Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан.

Макьаназы Софииа Олеиник дахьыҟоу аҭыԥ еилкааӡамкәа иаанхоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Софииа Олеиник лыԥшаара рхы аладырхәуеит Очамчыра, Гәылрыԥшь, Гал аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭақәеи Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи аусзуҩцәа, иара убас атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аппарат Хада аоперативтә ҟәшеиҵақәа рнапхгаҩцәа.    Аԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгарахь иадыԥхьалоуп иара убас амилициа ашкол акурсантцәеи акинологцәа рмаҵзуреи.

 


Read 259 times - Ахаша, 10 Ажьырныҳәа 2024 13:52