Print this page
08.Ажьырныҳәа.2024

Ҷлоу ақыҭан иҟалаз амцакра иахҟьаны аԥҳәыс дҭахеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашьыжь шаанӡа, ажьырныҳәамза  7 рзы, Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан ахатәы ҩны амца акит.

Иҟалаз амцакра иахҟьаны 60 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс дҭахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  

«Амашәыр шыҟалаз азы адырра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Аҷаԥшьаратә хәҭа ахь иҟалеит  ашьыжь, 09 сааҭи 32 минуҭи рзы. Аиқәырхаҩцәа амцакра ахьыҟалаз аҭыԥаҿ иаанааи аамҭазы амца аҩны зегьы амҽханакхьан. Амцарцәаҩцәа  ирылшоз зегь шыҟарҵазгьы аҩны зегь блит», - ҳәа иазгәаҭоуп адырраҭара аҿы.

Абылра зыхҟьаз ҭырҵаауеит.

 


Read 288 times - Ахаша, 10 Ажьырныҳәа 2024 13:38