Print this page
07.Ажьырныҳәа.2024

Лаша Ашәба Аԥсны жәлар Қьырса ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Аԥсны ажәлар Қьырса ныҳәа рыдиныҳәалеит.

«Адунеи зегьы аҿы аиашахаҵаратә дин ныҟәызго ақьырсианцәа реиԥш, Аԥсны иазгәарҭоит Иаса Қьырса иира Амш. Ари аныҳәа ауааԥсыра агәнаҳақәа рыҟнытә рҿыхреи наӡаӡа аԥсҭазаареи рзы агәыӷра рынаҭоит.  Ҳреспублика ауааԥсыра реиҳараҩык рзы Қьырса аныҳәа – ари доусы рыуацәеи рҭынхацеи рҩызцәеи рбара иаамҭоуп. Ари аныҳәа аилибакаара, арыцҳаибашьара, агәыҳалалра, аԥсадгьыл ахь абзиабара, аҳаҭыреиқәҵара, уҳәа иреиӷьу аҟазшьақәеи атрадициақәеи реихаҳара ахьӡала ауаа еиднакылоит.  

Қьырса ныҳәа лаша доусы ишәзаанагааит агәабзиара, аизҳазыӷьара, ҩнаҭацыԥхьаӡа аилибакаара, агәҭычра, - ҳәа иаҳәоит Апарламент Аиҳабы иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.


Read 246 times - Аҩаша, 09 Ажьырныҳәа 2024 17:20