Print this page
05.Ажьырныҳәа.2024

Аԥсны атәылахьчара Аминистрра анапхгараҭареи ахатәы еилазаареи Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза 5 рзы ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи рҿы 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз аибашьцәа рҳаҭгәынқәеи рбаҟақәеи рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.  

Аиашахаҵаратә уахәамақәа рҿы анцәаныҳәарақәа мҩаԥысуеит. Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз ҳаҭырла иргәаладыршәарц азы  абаҟақәа рахь иааиуеит аҳәынҭқарра Анапхгара ахаҭарнакцәа, иҭахаз аибашьцәа рыуацәеи рҭынхацәеи, Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи, Аԥсны Арбџьармчқәа аруаа, еиуеиԥшым ауаажәларратәи аполитикатәи апартиақәеи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа.

Ианартәи ажәыларатә операциа 31-шықәса ахыҵра амш азы атәылахьчара Аминистрра анапхгараҭареи ахатәы еилазаареи Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Аруаа Аԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз афырхацәа ргәаладыршәеит. Аруаа алархәны ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа иара убас Ақалақь-Фархаҵа Гәдоуҭа игылоу афырхацәа рбаҟа амҵангьы имҩаԥысит.

Ажьырныҳәамза 5, ашьыжь шаанӡа Аԥсны Арбџьармчқәа 180-ҩык рҟынӡа аруаа рыла ишьақәгылаз архәҭақәа аӷа импыҵакыз Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәразы ажәылара хацдыркит.  Иԥхьагылаз архәҭақәа ҵаҟала Гәымсҭа аӡиас ирны аӷа ихырӷәӷәарҭақәа ԥжәаны идәықәлеит.  Аидыслара ӷәӷәа мҩаԥысуан асааҭ 19:00 рҟынӡа, аха нас аԥсуа архәҭақәа шьҭахьҟа Гәымсҭа аӡиасҟа ихьаҵыр акәхеит. Аԥсны Арбџьармчқәа аӷа уааԥсылеи техникалеи ӷәӷәала ааха ирҭеит.

Ари ажәылараҿы иҭахеит 37-ҩык аԥсуа еибашьцәа, шәҩык инареиҳаны еиуеиԥшым ахәрақәа роуит.         

 


Read 271 times - Асабша, 06 Ажьырныҳәа 2024 16:08