Print this page
04.Ажьырныҳәа.2024

Афонҿыцтәи аҳаԥы 2023 шықәсазы иаҭааит 389 нызықьҩык инареиҳаны, Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк – 579 нызықьҩык инареиҳаны.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәса, ажьырныҳәамза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 31 аҟынӡа Г. Смыр ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс иаҭааит   389 193-ҩык, иҭииз абилеҭқәа рҟынтәи ахашәалахәы  272 млн. 435 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

2022 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит 393 255-ҩык, иҭииз абилеҭқәа рҟынтәи ахашәалахәы  - 268 млн. 568 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк 2023 шықәсазы иаҭааит  579 227- ҩык, иҭииз абилеҭқәа рҟынтәи ахашәалахәы  385 млн. 068 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.  

2022 шықәсазы Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк иаҭааит  633 238-ҩык, иҭииз абилеҭқәа рҟынтәи ахашәалахәы - 405 млн. 610 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.  


Read 240 times - Асабша, 06 Ажьырныҳәа 2024 00:27