Print this page
20.Ԥхынҷкәын.2023

Акәақьа ақыҭан ирыԥшааит 56 цыра амаининг-аппаратқәа.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амаининг-ферма ду рыԥшааит Акәасқьа ақыҭан Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аусзуҩцәеи аҳәынҭстандарт ахаҭарнакцәеи АУН «Амшынеиқәафымцамчи» Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилаки русзуҩцәеи еицны имҩаԥыргаз аопертив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа ирыбзоураны.

Ирымхуп 56 цыра акриптовалита арҳара иазку аппаратқәа, урҭ ахатәы ҩны аҿы, ҷыдала иазырхиаз ауада иҩнагылан. Аппаратқәа рыԥшәма –  Иванба Демур Вахтанг-иԥа.

Ирымырхыз аппаратқәа зегьы Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.


Read 190 times - Аԥшьаша, 04 Ажьырныҳәа 2024 10:20