Print this page
30.Ԥхынҷкәын.2023

Атәылахьчара Аминистрра арратәии атәылауаҩратәи аперсонал иҭацәу амаҵураҭыԥқәа раанкыларазы аконкурс шымҩаԥгахо азы алаҳәара ҟанаҵоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчара Аминистрра Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥш-арратә командаҟаҵаратә Ҵараиурҭа арратәии атәылауаҩратәи аперсонал иҭацәу амаҵураҭыԥқәа раанкыларазы аконкурс шымҩаԥгахо азы алаҳәара ҟанаҵоит. 

Азанааҭ – «аоператив-тактикатә».

Аконкурс иахысуа рахь дҵас иқәыргылахоит: иреиҳаӡоу азанааҭҵара амазаара, аҵараиурҭа аҿы аҵара-методикатә усура аԥышәа амазаара. Акандидат хәы-шықәса иреиҵамкәа арратә маҵзура аԥышәа имазар ахәҭоуп, абаталион аҿы еиԥш егьырҭ иреиҳау архәҭақәа рҿы акомандаҟаҵаратәи аштабтәи амаҵзурақәа дырхысхьазароуп.

Аконкурс аҭагылазаашьақәа зегьы рзы адырра аиура ҟалоит абри аҭел ала: (+7 940) 925 89-89.        

 

 


Read 266 times - Аԥшьаша, 04 Ажьырныҳәа 2024 10:21