Print this page
29.Ԥхынҷкәын.2023

Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ааишьҭит.

Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа.

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Ашықәс Ҿыц аныҳәа!

Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа аҩаӡара ҳарак рыманы иҟоуп. Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит жьҭаарамзазы  имҩаԥысыз шәачатәи ҳаиԥылара», - ҳәа иаҳәоит адныҳәалараҿы.

Агәра ганы сыҟоуп ҳара аринахысгьы еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны хра злоу ҳусеицура аҿиара шаиуа, арегионалтә шәарҭадара аиҿкаара инамаданы ҳаинырра шҳарӷәӷәало азы. Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Хаҭала Шәара аԥхьа шәнаргыланы, агәабзиара, агәамч, Аԥсны атәылауаа зегьы аманшәалареи аизҳазыӷьареи шәзеиӷьасшьоит». 

 


Read 445 times - Ашәахьа, 01 Ажьырныҳәа 2024 15:29