Print this page
27.Ԥхынҷкәын.2023

Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аусзуҩцәа Гагра ақалақь аҿы аҳазалхратә ԥҟарақәа реилагарала Аԥсныҟа иаагаз 2 790 цыра инареиҳаны апиротехника рымырхит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь аҿы Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аусзуҩцәа аҳазалхратә ԥҟарақәа реилагарала Аԥсныҟа иаагаз 2 790 цыра инареиҳаны апиротехника рымырхит. Абри атәы аанацҳауеит Ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.  

Аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан, ԥхынҷкәынмза  26 рзы Гагра ақалақь аџьармыкьа Хада ахәаахәҭртә обиектқәа руак аҿы аинформациа-комункациатә технологиақәа азакәандаратә хархәара аҿагылара аиҿкаара Аусбарҭеи (УБК)  Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилаки амаҵурауаа  аҳазалхратә ԥҟарақәа реилагарала Аԥсныҟа иаагаз 2 790 цыра апиротехника рыԥшааит. Ари атауар зегьы изтәыз ирымхны аамҭалатәи ашьҭаҵарҭахь инаргеит.

Иарбоу административтә зинеилагаразы аматериалқәа зегьы Аҳазалхратә еилакы аҭҵаареи аилкаареи рыҟәшахьы инашьҭуп.

 

 


Read 343 times - Ахәаша, 29 Ԥхынҷкәын 2023 03:10