Print this page
27.Ԥхынҷкәын.2023

Аҳәынҭқарра Ахада «Ареспублика Аԥсны Атәылауаҩратә Закәанеидкыла актәи ахәҭа аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан инапы аҵаиҩит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷкәынмза  27 рзы «Ареспублика Аԥсны Атәылауаҩратә Закәанеидкыла актәи ахәҭа аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан инапы аҵаиҩит.

Ареспублика Аԥсны Атәылауаҩратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 259, ахәҭа 3 иҿыцу аредакциа ала ишьақәыргылоуп:

«Аратификациа зызу Ареспублика Аԥсны Жәларбжьаратәи Аиқәшаҳаҭра, иҟоу абри Атәылауаҩратә Закәанеидкылеи Адгьылхархәаратә закәанԥҵареи инарықәыршәаны, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарра адгьыл ахәҭа ахархәаразы азин аҭара алшоит».


Read 236 times - Аԥшьаша, 28 Ԥхынҷкәын 2023 22:03