Print this page
27.Ԥхынҷкәын.2023

Аслан Бжьаниа «Ареспублика Аԥсны жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы» Азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы азакәан инапы аҵаиҩит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Жәлар Реизара-Апарламент ԥхынҷкәынмза  27 рзы ирыдыркылаз «Ареспублика Аԥсны жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы» Азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы азакәан инапы аҵаиҩит.

«Ареспублика Аԥсны жәларбжьаратәи аиқшаҳаҭрақәа рзы» Азакәан абарҭ аиҭакрақәа алагалоуп:

1) ахәҭаҷ 5 абас еиԥш аҵакы змоу ахәҭа 21 ала ихарҭәаахоит: «21. Аратификациа зызу Ареспублика Аԥсны жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭра ала Ареспублика Аԥсны Аконституциеи  Ареспублика Аԥсны Аконституциатә закәанқәеи рыла иазԥхьагәаҭоу  анормақәа ракәымкәа даҽакы шьақәырӷәӷәазар, усҟан Ареспублика Аԥсны Аконституциеи Аконституциатә закәанқәеи рнормақәа ахархәара аиуеит»;

2) ахәҭаҷ 39 абас еиԥш аҵакы змоу ахәҭа 71 ала ихарҭәаахоит: «71. Ареспублика Аԥсны Жәларбжьаратәи Аиқәшаҳаҭра иара убас уи анагӡара  Ареспублика Аԥсны  ауаажәларратә шьақәгылашьа иаԥырхагазар, мамзаргьы асуверенитети ашәарҭадареи иаҿагылозар, адинансациа аҳасабала азинмчы аанкылахоит».


Read 332 times - Аԥшьаша, 28 Ԥхынҷкәын 2023 18:24