Print this page
27.Ԥхынҷкәын.2023

Аслан Бжьаниа аҳәынҭдача «Пицунда» аҵакыраҿы иҟоу аргыларақәа Урыстәыла ахатәразы аҭареи ахархәареи рзы Аиқәшаҳаҭра шьақәирӷәӷәеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷкәынмза 27 рзы «Аҳәынҭдача «Пицунда» аҵакыраҿы иҟоу аргыларақәа Урыстәыла ахатәразы аҭареи ахархәареи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара азы» азакәан инапы аҵаиҩит.  Адокумент кьыԥхьуп атәыла ахада исаит аҟны.

Азакәан атекст иаҳәоит:

«Ажьырныҳәамза 19, 2022 шықәсазы Москва ақалақь аҿы знапаҵыҩра мҩаԥгаз «Аԥсны иҟоу аҳәынҭдача «Пицунда» аҵакыраҿы иҟоу аргыларақәа Урыстәыла ахатәразы аҭареи ахархәареи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра шьақәырӷәӷәазааит».

Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҳәынҭқарратә дача "Пицунда" аҵакыраҿ иҟоу аргыларақәа Урыстәыла ахатәразы аҭареи ахарархәареи рзы Аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит ԥхынҷкәын 27 рзы.

 

 

 

 

 


Read 246 times - Ахаша, 27 Ԥхынҷкәын 2023 22:59