Print this page
18.Ԥхынҷкәын.2023

Ацәыргақәҵа «Ашықәсан иреиӷьу аусумҭа» аатуеит ԥхынҷкәынмза 19 рзы Ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 19 рзы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны  иаатуеит ацәыргақәҵа «Ашықәсан иреиӷьу аусумҭа». Абри азы адырра ҟанаҵоит акультура Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аконкурс 2001 шықәсазы иаԥҵан. Есышықәса, аҳәынҭқарратә комиссиа, аконкурс амҩаԥгара аԥҟарақәа инарықәыршәаны, хҩык аиааира згаз ралкаара мҩаԥнагоит.  

Сынтәа  аекспозициа аҿы ицәыргақәҵахоит шықәсык аҩныҵҟа иаԥҵаз аҿыханҵа, аграфика, аскульптура, уҳәа аусумҭақәа.  

Ацәыргақәҵа аартра иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатә мҩаԥгахоит ԥхынҷкәынмза 19, асааҭ 14.00 рзы.

Ацәыргақәҵа аҭаара ҟалоит ԥхынҷкәынмза 28 аҟынӡа.  декабря.  


Read 312 times - Ашәахьа, 18 Ԥхынҷкәын 2023 22:51