Роберт Киут урыстәылатәи рколлегацәа инагӡаны адгылара шрырҭо, насгьы иарбоу акциа аҵакы хада шаҵоу инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут инапынҵа ала, ҩ-тоннак инареиҳаны аԥснытәи амандаринақәа, Донбасстәи ахәыҷқәа рзы ашықәсҿыцтәи аҳамҭақәа реиқәыршәара азы Краснодарҟа идәықәҵоуп. Абри атәы аанацҳауеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Роберт Киут урыстәылатәи рколлегацәа инагӡаны адгылара шрырҭо, насгьы иарбоу акциа аҵакы хада шаҵоу инаҵшьны иазгәеиҭеит.