Афорум ахықәкы хадақәа: ауаажәларра згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа аус рыдулара азҵаара ахь разхьарԥшра; ааԥхьара зауз урыстәылатәи аекспертцәа згәабзиара аҭагылазаашьа ашәарҭара иҭагылоу, зҵыргәа-ныҟәаратә системеи зцәажәаратә ҿиареи аҿы ихьысҳау ахәыҷқәа уахь иналаҵаны, аус рыдулара иадҳәалоу еиҳа ихадоу атемақәа рыларҵәаразы алшарақәа рзаԥҵара; аҭыԥантәи аҟазауаа урыстәылатәи рколлегацәа рԥышәа рымардартә еиԥш алшарақәа рыԥҵара. П