Print this page
15.Ԥхынҷкәын.2023

Харитон Агрба Дулат Бекбауов дииааит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абоксиор Харитон Агрба атурнир «IBA  ачемпионцәа рыҵх» аҳәаақәа ирҭагӡаны Казахсҭантәи аспортсмен  адунеи ачемпион-2023, Азиа -2023 ачемпион  Дулат Бекбауов дииааит.  Атурнир мҩаԥысит ԥхынҷкәынмза 15 рзы Асҭана ақалақь аҿы.

Аиндаҭлара аа-раундк рыла ишьақәгылан. Уи аӡбаҩцәа еиҟәшоу рыӡбарала, асчиот 2:1 ҳәа Харитон Агрба ииааирала ихыркәшахеит.  

Харитон Агрба икариера аҿы 13 иааира игахьеит, зныкгьы даҵамхаӡацт.

 


Read 496 times - Асабша, 16 Ԥхынҷкәын 2023 00:55