Print this page
15.Ԥхынҷкәын.2023

Санкт-Петербургтәи ансамбль «БИС-КВИТ» ԥхынҷкәынмза 25 рзы Гал ақалақь аҿы иқәгылоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 25 рзы Гал ақалақь аҿы иқәгылоит Санкт-Петербургтәи агәыԥ  «БИС-КВИТ», иара убас Мариинтәи атеатр асолистка Карина Чепурнова (сопрано).

BISQUIT-BAND – Урыстәыла ипопулиару астиль «crossover» аҿы иреиӷьу ҳәа еицырдыруа,  ҳаамҭазтәи амузыкатә ҟазара авиртуозқәа.

Аколлектив арепертуар аҿы иҟоуп 450 инареиҳаны ахатәы аранжировкақәа, хыԥхьаӡара рацәала еиуеиԥшым астильқәа (аопера, џьаз, поп, рок, аклассика, фолк, латино, танго, акино амузыка, ретро, акаверқәа, уҳәа убас иҵегьы) ирыҵанакуа амузыкатә програмақәа,  иҷыдоу, акы еиԥшым амузыкатә материал адгалара.

Аконцерт мҩаԥгахоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра, Гал араион Ахадара, аԥсны-урыстәылатәи агуманитартә инициативақәа адгылара рыҭаразы Агәыҳалалратә фонд иҟарҵаз ацхыраарала .   

Аконцерт алагара аамҭа – асааҭ 17:00 рзы, аҩналара – ааԥхьаратә билеҭқәа рыла. 

 


Read 429 times - Ахәаша, 15 Ԥхынҷкәын 2023 22:44