Print this page
14.Ԥхынҷкәын.2023

Сергеи Нарышкин: Еиду Америкатәи Аштатқәа ԥыхьатәи Асовет Еидгыла еиднакылоз атәылақәа рҵакырақәа рҿы аҭагылазаашьа аибарххара иашьҭоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Еиду Амеркиатәи Аштатқәеи                  уи амҵакьакьаҩцәеи ԥыхьатәи Асовет Еидгыла еиднакылоз атәылақәа рҵакырақәа рҿы аҭагылазаашьа аибарххара иашьҭоуп, приднестровтәии егьырҭ аконфликтқәеи рырҿыцра, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи «аҩбатәи афронт аартра» азы аҽазышәарақәа мҩаԥыргоит, ҳәа   Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара  атәылақәа-алахәылацәа рыԥшыхәратә маҵзурақәеи ршәарҭадара аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа XIX Аилатәара аҿы абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аԥшыхәра Амаҵзура адиректор Сергеи Нарышкин.

«Ԥыхьатәи Асовет Еидгыла еиднакылоз атәылақәа рҵакырақәа рҿы аҭагылазаашьа аибарххара иашьҭаланы, Еиду Амеркиатәи Аштатқәеи  уи амҵакьакьаҩцәеи приднестровтәии егьырҭ аконфликтқәеи рырҿыцра, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи «аҩбатәи афронт аартра», Кавказнҭыҵ аҭышәынтәалара аиԥҟьара, Агәҭантәи Азиа аҭагылазаашьа анырра аҭара азы аинструмент аҳасабала афгантәи афактор ахархәара, уҳәа азы аҽазышәараақәа мҩаԥыргоит», – ҳәа иҳәеит иара.

«Убри аан сара агәра ганы сыҟоуп, араҟа иҟоу шәахьынтә аӡәгьы ажәларқәа рлахьынҵа акала иазымхәыцуа америкааи европааи инарыгӡо аполитика реалла иамоу ахықәкқәа рганахьала аиллузиақәа шимам», - ҳәа иажәа хыркәшо инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла адәныҟатәи аԥшыхәра Амаҵзура адиректор.

Иазгәаҭатәуп, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аҿы аҭагылазаашьа аиԥҟьара иазку апроцессқәа рҿы Еиду Америкатәи Аштатқәа рганахьала агрессиатә ҟазшьа аҩаӡара ессааира иазҳалоит, ҳәа игәаанагара иҳәеит  Сергеи Нарышкин. 

 

 


Read 472 times - Ахәаша, 15 Ԥхынҷкәын 2023 00:54