Print this page
14.Ԥхынҷкәын.2023

Баслахә ақыҭан инхоз аԥҳәыс лыԥсыбаҩ рыԥшааит Очамчыра аӡымҽхак аҿы.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 60-шықәса зхыҵуаз Баслахә ақыҭан инхоз аԥҳәыс лыԥсыбаҩ рбеит иахьа ашьжьымҭан Очамчыра аӡымҽхак иахьаҵанакуа.  

Араион абылра-ахьчаратә  ҟәша аиқәырхаҩцәа иҷыдоу аҭагылазаашьазы адырра роуит 12 сааҭи 45 минуҭи рзы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  

«Аиқәырхаҩцәа аԥҳәыс лыԥсыбаҩ амшын иамхны лгәакьацәа дрырҭеит», - ҳәа иаҳәоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра адырраҭара аҿы.

Иҟалаз ахҭыс зыхҟьаз макьаназы еилкааӡам. Уи ашьақәыргылаазы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит. 

 


Read 318 times - Аԥшьаша, 14 Ԥхынҷкәын 2023 18:01