Print this page
13.Ԥхынҷкәын.2023

Гәдоуҭа ақалақь аҿы Асовет Еидгылеи Европеи ачемпион Рашь Хәытаба иаԥхьахә агаразы зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысраны иҟоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 15-16 рзы Гәдоуҭа ақалақь, Михаил Чачба ихьӡ зху ахәыҷтәы-қәыԥштә школ аҿы жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, Асовет Еидгылеи Европеи ачемпион Рашь Хәытаба иаԥхьахә агаразы зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысраны иҟоуп.  

Аицлабрақәа 2007-2008; 2009-2010 шш. рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара имҩаԥгахоит.  

Атурнир рхы аладырхәуеит Аԥсны араионқәа зегьы, иара убас Урыстәыла ақалақьқәеи Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәылақәеи рҟынтәи аспортсменцәа.

Атурнир аӡбаҩ хада – жәларбжьаратәи акатегориа змоу аӡбаҩ Виачеслав Багаев.


Read 277 times - Аԥшьаша, 14 Ԥхынҷкәын 2023 03:43