Print this page
11.Ԥхынҷкәын.2023

12,5 нызықь тонна инареиҳаны амандарина експорт ҳасабла Урыстәылаҟа идәықәҵоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәсазы ацитрустә сезон алагара инаркны Урыстәылаҟа експорт ҳасабла идәықәҵахеит  12,56 нызықь тонн инареиҳаны амандарина, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент адырра ирҭеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҿы.

2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы Урыстәылаҟа ииаган 11, 63 нызықь тонн, 2021 шықәсазы – 9,68 нызықь тонн.  Ацитрустә сезрн ашыкьаҳәымҭаны иҟоуп ԥхынҷкәынмза, избан акәзар урыстәылауаа аӡәырҩы ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа рзы аԥснытәи амандарина рыстол иқәзар рҭахуп.

 


Read 209 times - Ахаша, 13 Ԥхынҷкәын 2023 01:53