Print this page
08.Ԥхынҷкәын.2023

Аҟәа ақалақь аҿы инхо ахаҵа идырбалеит иагьимырхит изакәанымкәа иныҟәигоз абџьар.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа дааныркылеит аҳҭнықалақь аҿы инхо, 1978 шықәсазы ииз  Џьумутиа Даур Раули-иԥа.

Џьумутиа Даур зыԥсҟы икыз автомашьына агәаҭараан азинхьчаҩцәа ирыԥшааит 8 патронак зцыз, ихысратәы аус еиҭазыдулоу «Макаров» итапанча. Аекспертиза алҵшәақәа рыла, атапанча еибагоит, ахысразы ихиоуп, апатронқәа ракәзар, урҭгьы еибашьыгатәуп.

Џьумутиа Даур Раули-иԥа иганахьала аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа заанаҵтәи аусеилыргатә ҟәша ала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ   21, ахәҭа 1 инақәыршәаны аусеилыргара хацыркуп. Џьумутиа Даур атәыла дшалымҵуа азы инапы ақьаад иаҵадырҩит. 

 

 


Read 186 times - Ашәахьа, 11 Ԥхынҷкәын 2023 02:47