Print this page
09.Ԥхынҷкәын.2023

Аслан Бжьаниа амедиахолдинг «Урыстәыла иахьа» аколлектив 10 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Адныҳәаларатә текст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп: 

 

«Ҳаҭыр зқәу Маргарита Симон-иԥҳа!

 

Шәара аԥхьа шәнаргыланы, Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ «Урыстәыла иахьа» аколлектив зегьы гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аиубилеитә шықәсхыҵра.

Жәашықәса рыҩныҵҟала шәара шәусура аинформациатә ҵакыра аҿиараҟны алагала ӷәӷәа ҟанаҵеит, астандарт ҳаракқәа шьақәыргыло, иара убас аԥхьагыларатә позициқәа аанкыло.

Шәаргьы шәколлегацәагьы - атәыла иапатриотцәоу, аԥышәа змоу профессионалцәоуп. Оперативла имҩаԥыжәго шәусура иабзоураны, ауаажәларра Урыстәылеи адунеи зегьы аҟни имҩаԥысуа  азы ииашоу иактуалтәу аинформациа роуеит.

Аԥсынтәылеи амедиагәыԥ «Урыстәыла иахьа» аусзуҩцәеи анапхгареи ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ахә амаӡам. Агәра згоит, арҭ аизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы ишрыцҵахо, хыԥхьаӡара рацәала хәарҭара злоу апроектқәа ҳажәларқәа ишрыднагало.

Шәаргьы «Урыстәыла иахьа» аколлекив зегьи ишәзеиӷьасшьоит арҿиаратә еихьӡарақәа, агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара. Шәара шәусуреи амедиаиндустриаҟны шәлагалеи ажәлар акыршықәсала информациала реиқәыршәара аус иацхраалааит».

 


Read 245 times - Амҽыша, 10 Ԥхынҷкәын 2023 17:45