Константин Ахба - Михаил Чачба ихьӡ зху гәдоуҭатәи аспорттә школ дааӡамҭоуп, 13-14 шықәса зхыҵуа арԥарцәа рыбжьара абокс азы Урыстәыла Аԥхьахәгара аҿы аџьазтә аԥхьахә ианаршьахьеит. Азыҟаҵаҩцәа Аслан Ахбеи Едуард Депеляиани рааӡамҭа иоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Константин Ахба абокс азы 27-тәи Жәларбжьаратәи атурнир «Янтарные перчатки» аҿы аиааира игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Константин Ахба 54 кьыла рҟынӡа иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа 2008-2009 шықәсқәа рзы ииз арԥарцәа рыбжьара дықәгылон.
Атурнир мҩаԥысуан Калининград ақалақь аҿы ԥхынҷкәынмза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 3 аҟынӡа. Уи рхы аладырхәит атәылақәа: Урыстәыла, Белоруссиа, Германиа рҟынтәи 108-ҩык аспортсменцәа.