Print this page
01.Ԥхынҷкәын.2023

2024 шықәса инаркны ахәыҷы ииразы иҟарҵо зныктәи аԥаратә цхыраагӡа 27 нызықь мааҭ рҟынӡа ишьҭыххоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы ахәыҷы ииразы иҟарҵо зныктәи аԥаратә цхыраагӡақәа 5 нызықь мааҭ рҟынӡа ашьҭыхразы Ақәҵара рыдыркылеит.

Ахәыҷы данилак, аҭаацәа руаӡәк, мамзаргьы рҩыџьагьы аус руазар – зныктәи аԥаратә цхыраагӡа аҳасабала 27 000 мааҭ роулоит, уаанӡатәи ашәарақәа - 22 000 мааҭ рҟынӡа инаӡон.

Ахәыҷы данилак, аҭаацәа руаӡәк ма рҩыџьагьы аус рымуазар – зныктәи аԥаратә цхыраагӡа аҳасабала 22 000 мааҭ роулоит, уаанӡатәи ашәарақәа - 17 000 мааҭ  рҟынӡа инаӡон.

Ақәҵара 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны азинмчы аиуоит.

 

 


Read 602 times - Асабша, 02 Ԥхынҷкәын 2023 18:20