Print this page
28.Абҵара.2023

Гагра араион аҿы иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны 47 ҭӡы аӡы рыҵалеит.

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иҳаҩсыз аҵх азы иҟалаз быжь-балк рҟынӡа инаӡоз амшынеисра иахҟьаны, Гагра 32 ҭӡы аӡы рыҵалеит, Пицунда – 8, Алаҳаӡы ақыҭан – 7 ҩны, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  

Гагра ақалақь Аиқәырхара-ԥшааратә Отриад аусзуҩцәа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа рықәхра иадҳәалоу аусурақәа нарыгӡоит. Аусурақәа рхы аладырхәуеит хаҭалатәи аилазаара иатәу 28-ҩык.

Ӷәӷәала ааха аиуит аԥшаҳәа иаҵанакуа аинфраструктура, ахәҭакахьала афымцатә станцеиҵақәеи аӡхагаларатә станциақәеи.

Абҵарамза 26 – 27 ауха Амшын Еиқәа аҿы быжь-балк рҟынӡа инаӡоз ацәқәырԥеисра ҟалеит.


Read 337 times - Аҩаша, 28 Абҵара 2023 20:36