Print this page
28.Абҵара.2023

Абҵарамза 29 рзы амш еилгоит, маҷк аԥсҭҳәақәа хылоит.

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ахаша, абҵарамза 29 рзы,   Аԥсны Амшын Еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуа  ихьшәашәоу аҳауа зцу антициклон анырра аиуоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аекологиа азы аҳәынҭқарратә  Еилакы   Агидрометеорологиа аҟәша.

Амш еилгоит, маҷк  аԥсҭҳәақәа хылоит, ҽынла аҳаиртә лышәшәақәа ҟалаӡом, ҭыԥқәак рҿы ахәылбыҽха маҷк ақәа леир алшоит. Ашьхарахь, иара убас ашьха иаԥну аҭыԥқәа рҿы асы леиуеит.

Аҳауатә қәыӷәӷәара – ҳаракуп.

Аԥшасра ҭышәынтәалоуп – 3-8м/с.

Аҳауа аԥхарра уахынла -1.0… + 4.0°С,   ҽынла +7.0 …+12.0°С.

Амшынӡы  аҟәандара +15.0°С.

Амшын ацәқәырԥара ӷәӷәоуп 75 – 125 см (2-3 б).

Ахәҭакахьла аҳауа ацәаакыра 70-90% рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа ақалақь аҿы амш еилгоит, аҳаиртә лышәшәақәа ҟалаӡом, ахәылбыҽха маҷк ақәа леир алшоит.  Аҳауа аԥхарра уахынла +3.0°С,   ҽынла + 11.0°С. 

Гагра – уахынла +3, ҽынла +11;

Пицунда – уахынла +2, ҽынла +10;

Гәдоуҭа – уахынла +3 , ҽынла +11;

Афон –Ҿыц  –  уахынла +4, ҽынла +12;

Очамчыра – уахынла +3, ҽынла +9;

Гал – уахынла +3, ҽынла +10;

Ҭҟәарчал – уахынла -1, ҽынла +5                                


Read 403 times - Аҩаша, 28 Абҵара 2023 22:13