Print this page
25.Абҵара.2023

Апрокуратура Хада аусеилыргаратә Усбарҭа 2011 шықәсазы иҟалаз ауаҩшьра афакт азы аусеилыргара ҩаԥхьа ихацнаркит.

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокуратура Хада аусеилыргаратә Усбарҭа  2011 шықәса, ԥхынгәымза 5 рзы Гагра араион Бзыԥҭа аҳаблан иҟалаз Раули Валеиан-иԥа Цоцориа ишьразы ашьаус амҩаԥгара арҿыцит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Абҵарамза 17, 2023 шықәсазы Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа  дааныркылеит аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны 2011 шықәса раахыс изышьҭаз, 1981 шықәсазы ииз  Сақаниа Рудольф Рудик-иԥа.

Абҵарамза 20, 2023 шықәсазы Аҟәатәи ақалақьтә Ӡбарҭа заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭа иҟанаҵаз аҳәара иақәшаҳаҭхеит. Ауаҩшьразы игәҩароу Сақаниа Рудольф Рудик-иԥа дырбаандаҩуп.

Уажәазы иарбоу ашьаус ала заанаҵтәи аусеилыргара ицҵоуп.


Read 223 times - Аҩаша, 28 Абҵара 2023 04:01