Аҟәа. Абҵарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Донбас иҭахаз ҩыџьа Аԥсны атәылауаа рыԥсыбаҩ аагара еиҿнакаауеит.
«Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәеи, Ахылаԥшырҭа ахада, аинрал- леитенант Лев Кәыҵниеи иҷыдоу арратә операциа иалахәыз, Донбасс ахақәиҭтәразы иҭахаз ҩыџьа ҳџьынџьуаа рыԥсыбаҩ рыԥсадгьыл ахь аагара азы Донбасҟа амҩа иқәлеит», – ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.