Аконференциа аделегатцәа иара убас адомино аԥхьаҟа аҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит, ари аспорт хкы аӡыргара азы азԥхьагәаҭарақәа ҟарҵеит.
Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭемыр Лакербаиа Аԥсны адомино Афедерациа изаамҭанытәиим аҳасабырба-алхратә конференциа аҿы Афедерациа апрезидентс далырхит. Уаанӡа ари амаҵураҭыԥ дахагылан Аслан Бганба, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.
Аконференциа мҩаԥысит абҵарамза 23 рзы Аҟәа ақалақь аҿы.
Аконференциа аделегатцәа иара убас адомино аԥхьаҟа аҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит, ари аспорт хкы аӡыргара азы азԥхьагәаҭарақәа ҟарҵеит.