Print this page
27.Абҵара.2023

Асланбек Гәарамиеи Данил Харчлааи Минск ақалақь аҿы имҩаԥысуаз зхы иақәиҭу аиқәԥара азы жәларбжьаратәи атурнир аҿы ахьи араӡни ргеит.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Белоруссиа  аҳҭнықалақь Минск аҿы имҩаԥысит хынттәи Олимпиатә чемпион Алеқсандр Уасил-иԥа Медведь зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Гран-при 52-тәи Жәларбжьаратәи атурнир. Уи рхы аладырхәит ҩыџьа аԥснытәи аспортсменцәа: Аԥсны ахьӡала иқәгылоз Асланбек Гәарамиа (86 кь), Данил Харчлаа (65 кь), Урыстәыла ахьӡала иқәгылоз.

Атурнир афинал аҿы Асланбек Гәарамиа актәи аҭыԥ ааникылеит, Даниил Харчлаа араӡны медал иоуит.  

Атурнир зынӡа рхы аладырхәит   аа-тәылак рҟынтәи 200-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа. Атурнир иалахәыз рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәылақәа рнаҩс Аԥсни Бахреини рхаҭарнакцәагьы.


Read 409 times - Ашәахьа, 27 Абҵара 2023 20:57