Print this page
23.Абҵара.2023

Риҵатәи ареликтә-милаҭтә парк аҿы еимагыланы асы ауеит.

Аҟәа. Абҵарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк аҿы, амшцәгьа иахҟьаны, 36-тәи акилометр аҟны иҵыҩрыз аҵлақәа амҩа ианыҳалеит. 

Риҵатәи ареликтә-милаҭтә парк аусзуҩцәа амҩақәа ррыцқьара иаҿуп, ҳәа иаанацҳауеит апарк Telegram аҿы адаҟьа.

Апарк анапхгараҭара автомашьынақәа рыла аӡиаҟынӡа ихало Аԥсны атәылауааи асасцәеи аӡынтәи аразинахь ииасырц абжьгара ҟанаҵоит, иара убас  Ауадҳара асы еимагыланы аура ишаҿу азы ргәырҽанырҵоит.

Абҵара 24 инаркны аӡынтәи аамҭахәҭа азы Ауадҳараҟа амҩа аркхоит.

                                                   

 

 


Read 563 times - Аԥшьаша, 23 Абҵара 2023 21:11