Print this page
22.Абҵара.2023

Аҟәа ақалақь, Ҷанба имҩала игылоу ахатәы ҩны амца акит.

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Амца дырцәон Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рыхьчара азы аԥшаара-еиқәырхаратә отриад амцарцәаратә гәыԥқәа хԥа, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Амцакра иахҟьаны уадак блит. Амца арцәара алыршахеит. Аӡәгьы ааха имоуӡеит.

 


Read 268 times - Аԥшьаша, 23 Абҵара 2023 01:49