Print this page
21.Абҵара.2023

Атәыла аԥсаҵла Хада уаанӡа еиԥш акәымкәа, даҽакала, иҿыцны ирхиахоит.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы ашықәсҿыцтәи аԥсаҵла официалла аартра азԥхьагәаҭоуп ԥхынҷкәынмза 20 рзы, ҳәа аҳҭнықалақь Ахадара Анхара-коммуналтә Нхамҩа аиқәыршәазаара азы Адепартамент анџьныр-специалист  Кама Кәыҭелиа лажәақәа рахь азхьарԥш ҟаҵо  иаанацҳауеит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

Лара ишеиҭалҳәаз ала, ашықәсҿыцтәи аԥсаҵла Аҟәа ақалақь Ахақәиҭра Ашҭаҿы ашьақәыргылара иалагоит абҵарамза 25 инаркны.

«Амаӡақәа зегьы сзеиҭаҳәом. Акызаҵәык исҳәар сылшо, сынтәа аԥсаҵла архиара астиль зынӡа даҽакхоит, уи аҩычашьала ҵыԥхтәи аԥсаҵла еиԥшхаӡом.  Аԥсаҵла злархиахо ахәмаргақәагьы рҿыцхоит. Аԥсаҵла ахьышьақәыргылахо аҭыԥ анаҩс, ашҭа зегьи уахь инеиуа аллеиақәагьы рхиахоит. Еиҿкаахоит ашықәсҿыцтәи аџьармыкьа. Араҟа еиҿкаахо зегьы стильк иқәныҟо иҟалоит», - ҳәа илҳәеит Кама Кәыҭелиа.

Лара иара убас ақалақь иахьаҵанакуа - Ефрем Ешба ихьӡ зху апарк, Ацҳа Ҟаԥшь,  амшын аԥшаҳәа аҿы афотозонақәеи ашықәсҿыцтәи аинсталиациақәеи шыҟало азгәалҭеит.


Read 374 times - Аҩаша, 21 Абҵара 2023 19:03