«Иазгәаҳҭар ҳҭахуп аҳәынҭқарра амедицина ипрецедентдоу афинанстә лагалақәа шыҟанаҵо, ас еиԥш иҟан акороновирустә ҿкы чымазара аамҭазы, иахьагьы Ареспубликатә хәышәтәырҭеи егьырҭ амедицинатә усбарҭақәеи мҽхакы ҭбаала афинанстә лагалақәа роуеит. Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп амеценатцәа, урҭ иҳарҭаз адгыларала иахь араҟа интенсиву атерапиа азы апалата аусура иалагеит», - ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.