Print this page
17.Абҵара.2023

Сариа Џьопуа атәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аус рыцура азы Адепартамент анапхгаҩыс дҟаҵоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Сариа Џьопуа атәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аус рыцура азы Адепартамент анапхгаҩыс дҟаҵоуп. Уи азы адҵа инапы аҵаиҩит атәыла адәныҟати аусқәа рминистр Инал Арӡынба.

Сариа Џьопуа 2015 шықәса рзы ажәларқәа реиҩызара Урыстәылатәи Ауниверситет (ақ. Москва)  агуманитартәи асоциалтәи анаукақәа рфакультет, «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа» рзанааҭҵара  далгеит.

2016 шықәсазы лара Мадридтәи Ауниверситет Комплутенсе «жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа» рфакультет «адунеитә политика» азанааҭҵара  далгеит.

2016 шықәса инаркны  лара Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы аус луеит. 

 


Read 273 times - Ашәахьа, 20 Абҵара 2023 00:49