Print this page
17.Абҵара.2023

Аслан Бжьаниа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҟны имҩаԥысуаз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы дырҭааит.

Аҟәа. Абҵарамза 17,2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Жәларбжьаратәи астудентцәа рымш инамаданы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аныҳәатә усмҩаԥгатә даҭааит.

Аҳәынҭқарра Ахада астудентцәа дрыдныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит аихьӡарақәа аҵараҿы, аҭҵаарадырратә усураҿы. 

Ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит аҵараиурҭа ганрацәала иаиҭо ацхырааразы. 

Аслан Бжьаниа иара убас 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ауниверситет аусзуҩцәеи астудентцәеи рбаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара ацеремониа далахәын.

Аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын аԥыза-министр Александр Анқәваб, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аиҳабыра алахәцәа, адепутатцәа.

 

 


Read 314 times - Ашәахьа, 20 Абҵара 2023 19:00