Print this page
17.Абҵара.2023

Аслан Бжьаниа астудентцәа Жәларбжьаратәи астудентцәа рымш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Абҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рыҟны аҵара зҵо астудентцәа зегьы Жәларбжьаратәи астудентцәа рымш рыдиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

 

«Акыр иаԥсоу Аԥсны астудентцәа!

 

Гәык-ԥсык ала иишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи астудентцәа рымш.

1941 шықәса абҵарамза 17 рзы афашизм иаҿагыланы иқәԥоз атәылақәа рахьтә астудентцәа жәларбжьаратәи реиқәшәараҿы ишьақәырӷәӷәан астудентцәа Жәларбжьаратәи рымш, аидгылареи акзаареи ирсимволны.

Адунеи аҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа иаҳдырбоит 82 шықәса раԥхьа еиԥш, иахьагьы ҳарҭ зегьы абзиареи ацәгьареи рыгәҭа ҳашгылоу. Агәра згоит, Аԥсны астудентцәа, адунеи аҟны астуденттә еилазаарақәа реиԥш, ауниверсалтә ҵакы змоу абзиеи, аиашареи, аҿиареи адгылара шарҭо.

Астудентра аамҭа, аԥхьаҟатәи аԥсҭазаараҿы аихьӡарақәа ауасхыр анырзышьҭаҵахо аамҭоуп.

Аԥсны астудентцәа ирзеиӷьасшьар сҭахуп рзанааҭтә зыҟаҵара иахьынӡалшо аизырҳара.  Шәара иахьатәи шәеихьӡарақәа зеиԥшроу еиԥш ауп Аԥсны уаҵәтәи аԥеиԥшгьы шыҟало.

Аҵареи аҭҵаарадырреи рус аҟны ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, агәабзиара, агәамч!"

 

 

 


Read 288 times - Амҽыша, 19 Абҵара 2023 23:44