Print this page
16.Абҵара.2023

Нестор Цужба ианашьоуп аԥкьаҭмпыл азы 2-тәи аиҳабацәа рразриад.

Аҟәа. Абҵарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нестор Цужба ианашьоуп аԥкьаҭмпыл азы 2-тәи аиҳабацәа рразриад, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аԥсуа аԥкьаҭмпыласҩы қәыԥш 10 шықса роуп ихыҵуа, аха иара иқәра аҿы Урыстәыла актәи аракетка ҳәа ахьӡ иоухьеит.

Нестор Алеқсандр Островски ихьӡ зху Академиа аҿы Алеқсандр Мальцев инапхгарала иҽазыҟаиҵоит. Иара Арзамеҭ Ҭарба ихьӡ зху Аԥснытәи Ареспубликатә аԥкьаҭмпылтә школ адиректор Елизабеҭ Акәыциа лааӡамҭа иоуп.

 


Read 410 times - Аԥшьаша, 16 Абҵара 2023 21:54