Print this page
15.Абҵара.2023

Афонд «Ашана» абар шьҭа 12 шықәса ирылагӡаны акциа «Ҳаидгыланы аԥсҭазаара еиқәҳархап» мҩаԥнагоит.

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпрессс. Абҵарамза  15 рзы Агәыҳалалратә фонд «Ашана» имҩаԥнаго акциа хада «Ҳаидгыланы аԥсҭазаара еиқәҳархап» 12 шықәса ахыҵуеит!

12 шықәса – ари имаҷу, мамзаргьы ирацәоу?

Ари азҵаара аҭак ҟарҵоит Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана» аусура аеффективра атәы зҳәо арбагақәа.

Убас, иҳаҩсыз 12 шықәса рыла ачымазара бааԥсқәа змоу ахәыҷқәа рыхәышәтәра иазоуҳажьхьеит 101 миллион 878 нызқьи 425 мааҭ. 427-ҩык ахәыҷқәа рзы 621 курс ахә шәоуп.  260 инареиҳаны агәыҳалалратә акциақәа мҩаԥган.  

Нас 12 шықәса – ари имаҷу, мамзаргьы ирацәоу? Ирацәоуп, ахыԥхьаӡара адагьы ахаҭабзиарагьы, ахыҷқәеи урҭ рҭаацәеи рыхәареи ҳалацәажәозар.

Иахьатәи аамҭазы афонд аусура ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп Аԥсны згәабзиара зҩыдоу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара аизырҳара.

Жәаҳәарада, ҳара  иҳамоу аихьӡарақәа рҿы аанкылара ҳгәы иҭаӡам. Ԥхьаҟа ҳцалоит, ҳаҿиалоит, иҿыцу апрограммақәа еиқәҳаршәалоит.

Ҳара ари аамҭа зегьы иалагӡаны иҳацхраауаз, адгылара ҳазҭоз зегьы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит.

Иҭабуп иаашәырԥшыз агәацԥыҳәареи ақьиареи аразреи арыцҳаибашьареи рзы!

Шәара ишәыбзоураны ауп ари зегьы шзалыршахаз. Ҳаидгыланы ҳара еиҳау аҟаҵара ҳалшоит! Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана». 

 


Read 270 times - Ахаша, 15 Абҵара 2023 22:30