Print this page
15.Абҵара.2023

Руслан Ҭаркьыл иԥсыжра аиҿкааразы акомиссиа аԥҵоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Зыԥсҭазаара иалҵыз аштангашьҭыхҩы, жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, Асовет Еидгыла, иара убасгьы адунеи арекордсмен, атлетика хьанҭазы ачемпион, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, Леон Иорден акавалер, «Ахьӡ-Аԥша III аҩаӡара аорден занашьоу Руслан Расим-иԥа Ҭаркьыл иԥсыжра аиҿкаара азы аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба ихантәаҩрала аҳәынҭқарратә комиссиа еиҿкаауп.  

Алахьеиқәҵаратә церемониа мҩаԥгахоит абҵарамза 17 Аҟәа ақалақь, Арҵаҩы Иҩны аҿы.  


Read 350 times - Ахаша, 15 Абҵара 2023 21:51