Print this page
12.Абҵара.2023

Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба аҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭа есышықәса имҩаԥысуа аҽаҩраныҳәа «Лыхнашҭа» даҭааит.

Аҟәа. Абҵарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Апарламент Аиҳабы Ихаҭыԥуаҩ Ашоҭ Миносиан, Апарламент адепутатцәа Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан иҟоу аҭоурыхтә дәы Лыхнашҭа традициала есышықәса имҩаԥысуа аҽаҩраныҳәа «Лыхнашҭа» иаҭааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.

Аныҳәа аҿы ицәыгақәҵахеит аҩны иҟаҵоу аалыҵқәеи анапкымҭақәеи, асезонтә шәырқәеи ауҭраҭыхқәеи ачыс хкқәеи.

Аҽаҩраныҳәа «Лыхнашҭа» азы ҷыдала еиқәыршәоуп аконцерттә программа.  Акәашаратәи ашәаҳәаратәи ансамбльқәа, аестрада артистцәа аԥсуа шәақәеи акәашарақәеи нарыгӡоит. Иара убас традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш имҩаԥысуеит аспорттә еиндаҭларақәеи ахыци ахәымпали рыла ахысразы аицлабрақәеи.


Read 320 times - Амҽыша, 12 Абҵара 2023 21:21