Ахәылбыҽха, абҵарамза 8 рзы, аҭыԥантәи ашәарыцаҩцәа Гәылрыԥшь араион Азанҭа ақыҭа иахьаҵанакуа бџьарла еибыҭаз ауаа ргәыԥ рылаԥш ишыҵашәаз азы адырра ҟалеит.
Аҟәа. Абҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны азинхьчаратә структурақәа Гәылрыԥшь араион ашьха иаԥну аҵакыра аҿы зхаҭара шьақәыргылам бџьарла еибыҭоу ауаа рыԥшаара иазку еидгыланы аусура мҩаԥыргоит. Абри азы аинформациатә Агентра «ТАСС» адырра аиҭеит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
«Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа аԥшаара ирыцырҵоит, агәыԥқәа аҭыԥ ахь идәықәҵоуп, аҭагылазаашьа ахылаԥшра аҭоуп. Атәыла ашәарҭадара азҵаарақәа рыӡбара иазку амчрақәа рыбжьара еиқәшаҳаҭны еиҿкаау аусура мҩаԥысуеит. Аԥсны Арбџьармчқәа абжьааԥнытәи арежим ала рмаҵзура нарыгӡоит, убри аан иарбоу ахҭыс аан иахәҭоу ауснагӡатәқәа нарыгӡоит», – ҳәа иҳәеит Сергеи Шамба.
Ахәылбыҽха, абҵарамза 8 рзы, аҭыԥантәи ашәарыцаҩцәа Гәылрыԥшь араион Азанҭа ақыҭа иахьаҵанакуа бџьарла еибыҭаз ауаа ргәыԥ рылаԥш ишыҵашәаз азы адырра ҟалеит.