Print this page
08.Абҵара.2023

Ҟрым иҭахаз Аԥсны иалҵыз аибашьҩы иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь иаарышьҭит.

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҟрым имҩаԥысит Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Дуӡӡа афырхаҵа, Аԥсны иалҵыз аибашьҩы  Ризбеи Хьибба иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь адәықәҵара аламҭалазтәи алахьеиқәҵаратә церемониа  мҩаԥысит.  Аволонтиорцәа афырхаҵа иԥсыбаҩ данҭахоз ицыз ихатәы маҭәақәа ацны иԥсадгьыл ахь аашьҭра алдыршеит. Алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатә мҩаԥгахеит асолдаҭ-афырхаҵа иԥсыбаҩ ахьырыԥшааз Ленин ихьӡ зху араион аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Вести Крым» асаит.

Асолдаҭ иԥсыбаҩ Новороссиск ақалақь ахь иргоит, уаҟа уи иаԥылоит Аԥснытәи аделегациа. Уажәраанӡа ари асолдаҭ хабарда ибжьаӡыз рхыԥхьаӡараҿы дыҟан.

«Ҳара  1942 шықәсазы ҳара зегьы иаҳзеиԥшу аԥсадгьыл ахьчараан иҭахаз аибашьҩы иԥсыбаҩи, уи данҭахоз ицыз ихатәы маҭәақәеи иԥсадгьыл ахь идәықәаҳҵоит. Аԥсны иалҵыз аибашьҩы иԥсыбаҩ иԥсадгьыл аҿы  ҳаҭырла анышә иамардоит», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Ленин ихьӡ зху араион Ахеилак ахантәаҩы Олег Водопианов.

Уаҵәы, абҵарамза 9 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы  Ризбеи Хьыбба иԥсыбаҩ анышә иамардоит. Ацеремониа рхы аладырхәуеит афырхаҵа иуацәеи иҭынхацәеи.


Read 381 times - Ахаша, 08 Абҵара 2023 18:46