Print this page
04.Абҵара.2023

Ҭаҭарсҭан атәылауаҩ Гагра амшын дагеит.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 64-шықәса зхыҵуаз Ҭаҭарстан атәылауаҩ Гагра амшын дагеит.

«Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аусзуҩцәа Гагра аӡымҽхак иахьаҵанакуа аӡы иаларгеит Ареспублика Ҭаҭарсҭан  Альметиевск ақалақь аҿы инхоз, 1959 шықәса рзы ииз Урыстәыла атәылауаҩ Алеқсандр Олег-иԥа Стасиук иԥсыбаҩ», - ҳәа адырра ҟанаҵоит аԥсеиқәырхаратә хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

Амашәыр шыҟалаз азы адырра аԥсеиқәырхаҩцәа рахь иҟалеит 8 сааҭи  20 минуҭи рзы. Аԥсеиқәырхаратә хылаԥшырҭа аусзуҩцәа ражәақәа рыла,  иҭахаз ахаҵа ӷәӷәала ицәқәырԥоз амшын дҭаланы аҟәара иацәыхараны иҽикәабон.   


Read 312 times - Амҽыша, 05 Абҵара 2023 13:36