Print this page
30.Жьҭаара.2023

Инар Ладариа Никарагуа имҩаԥысыз акультуратә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ааигәа Никарагуа имҩаԥысит карибтәи арегион акультуреи аҟазареи рфестиваль.  Уи Никарагуа атуризм Аминистрра ала еиҿкаан, акультура амилаҭтә хан аҿаԥхьа иҟоу аплошьад аҿы имҩаԥысит. Афестиваль даҭааит Никарагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа.

Иара убас Инар Ладариа Манагуа ақалақь аҿы аурыс кино Амыбжь аартра даҭааит. Аусмҩаԥгатә Никарагуа иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭанакреи урыстәылатәи акиностудиа  «Мосфильми» рыла еиҿкаахеит.

Рубен Дарио ихьӡ зху амилаҭтә театр аҿы еицырдыруа ниарагуатәи асахьаҭыхыҩ, ашәаҳәаҩ, ашәақәа равтор Марио Монтенегро ицәыргақәҵа мҩаԥысит. Уи ихы алаирхәит Никарагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа. 

 

 


Read 216 times - Ахаша, 01 Абҵара 2023 12:57