Print this page
30.Жьҭаара.2023

Динара Смыр акультура аминистр инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҭижьыз Аусԥҟала Ақаҩба Даур Вадим-иԥа Аԥсны акультура аминистр имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.

Аусԥҟаҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ақаҩба Даур Вадим-иԥа даҽа усурак ахь ииасра инамадланы, Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәзааит.  

Аамҭала Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа рынагӡара лыдҵазааит акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Смыр Д.Г.».


Read 262 times - Аҩаша, 31 Жьҭаара 2023 15:14