Print this page
27.Жьҭаара.2023

Елҟан Гәазаа атлетика хьанҭа азы Урыстәыла Аԥхьахәгара ихы алаирхәуеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамзазы Адыгеиатәи Ареспублика аҿы арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара атлетика хьанҭа азы Урыстәыла Аԥхьахәгара мҩаԥысраны иҟоуп. Абҵарамза 15 азы Маиҟәаԥ ақалақь аҿы атлетка хьанҭа азы аспортсмен Елҟан Гәазаа ари Аԥхьахәгара ихы алаирхәраны дыҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Елҟан Гәазаа – Урыстәыла ачемпион, Урыстәыла Ахраҿа агара зҽаԥсазтәыз, Урыстәыла Аԥхьахәгара аҿы аиааира згахьоу, Урыстәыла аԥхьахәгара араӡнытә медал аиура зҽаԥсазтәыз, Урыстәыла иреиӷьу аспортсменцәа Рыспартакиада аҿы аџьазтә аԥхьахә згахьоу, Урыстәыла арекордсмен, апорт азҟаза иоуп.

Елҟан Гәазаа зыкапантә категориа 67 кьыла рҟынӡа иҟоу рыбжьара Татарсҭан ахьӡала дықәгылоит.


Read 583 times - Асабша, 28 Жьҭаара 2023 12:06